Урыстәылатәи амааҭ лаҟәуеит

Евро акурс 75 мааҭ ихалеит лаҵарамза 8 аахыс раԥхьаӡа акәны, адоллар 65 мааҭ ихалеит мшаԥымза 11 раахыс. Абас иҟоуп Москватәи абиржа адыррақәа.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 9 — Sputnik. Урыстәылатәи амааҭ лаҟәуеит Америка Урыстәыла аганахь ала иаланагалараны иҟоу асанкциақәа ирхырҟьаны. Евро акурс 75 мааҭ ихалеит лаҵарамза 8 аахыс раԥхьаӡа акәны, адоллар 65 мааҭ ихалеит мшаԥымза 11 раахыс. Абас иҟоуп Москватәи абиржа адыррақәа. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости.

Аконгрессменцәа асанкциақәа аларгаларц рҭахуп Урыстәыла Америкатәи алхрақәа аҽрылархәра иахьаҟәымҵуеи иара Шьамтәылеи Украинеи ахымҩаԥгашьази.

"Асанкциа ҿыцқәа уаанӡа иаабахьаз иреицәахоит", — иҳәеит азакәан апроект авторцәа руаӡәк Линдси Грем.