Цхинвал аиҳабыратә хыбрақәа амца ркит

Цхинвал аиҳабыратә хыбрақәа амца ркит. Уажәтәи аамҭазы амца ырцәоуп.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 9 — Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла аҳҭнықалақь аҟны аиҳабыратә хыбрақәа ркомплекс аҿы амцакра ҟалеит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Южная Осетия.

 "Аахыҵ Уаԥстәыла аҳҭнықалақь аҟны аиҳабыратә хыбрақәа ркомплекс аҿы амцакра ҟалеит. Аԥхасҭа роуит амиграциатә политиказ Аилак зыҩназ ауадақәа. Аҭыԥ ахь инеиит амцарцәаҩцәа. Уажәазы амца иахьабалак ирцәоуп", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

 АҶА адыррақәа рыла амца арцәараз иазхеит 40 минуҭ. Уажәазы амцарцәаҩцәа ахыб ақәхра иаҿуп. Атәыла Ахада Иусбарҭа абри аан ԥырхага амоуит.