Артистка Тамара Дегтиарева лыԥсҭазаара далҵит

Артистка Тамара Дегтиарева лыԥсҭазаара далҵит. Уи аҵыхәтәантәи ашықәсқәа зегьы агәамбзиара лыман.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 10— Sputnik. Москватәи атеатр "Современник" актриса, Урыстәыла жәлар рартистка Тамара Дегтиарева лыԥсҭазаара далҵит нанҳәа 9 рзы 74 шықәса дшырҭагылаз ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Иахьа лыԥсҭазаара далҵит артистка Тамара Васил-иԥҳа Дегтиарева. Фырхаҵарыла дызҿагылаз агәамбзиара лиааиит", — ҳәа аҳәоит атеатр аҳәамҭаҿ.

"Современник" аҿы иазгәарҭеит Тамара Дегтиарева лыԥсҭазаара иԥсҭазааран ишылымԥхьаӡоз.

Еиҳа иналукааша ароль налыгӡеит акинофильм "Вечный зов" аҿы.