Медведев: асанкциақәа рҭак ҟаҵахоит

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аҩны шкәакәа асанкциа ҿыцқәа алагалахоит ҳәа иҟанаҵаз аҳәамҭа аҭак аиуеит ҳәа азгәанаҭеит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 10 — Sputnik. Урыстәыла Аԥыза-министр Дмитри Медведев урҭ асанкциақәа економикатә еибашьроуп ҳәа рхиҳәааит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Асанкциақәа рылацәажәара сҭахым аха иазгәасҭоит: абанкқәа русура аанкылареи аҽа валиутак ахархәара аԥкреи ракәзар дара ззырхахо иаартны иуҳәар алшоит асанкциақәа економикатә еибашьроуп ҳәа. Ус анакәха дара рҭакгьы аекономикатә ҵаҵӷәы аҭатәуп. Даргьы уи еилыркаароуп", — иҳәеит иара.

Аԥыза-министр иазгәеиҭеит асанкциақәа атәыла аекономика хымԥада ишаныруа.

"Асанкциақәа уахьгьы арахьгьы бзиарак ҟарҵом", — иҳәеит иара.

Медведев иазгәеиҭеит Урыстәыла аганахь ала изныкымкәа асанкциақәа шаларгалахьо.

Ахашаҽны Еиду аштатқәа аҳәамҭа ҟарҵеит Солсбери иахырҟьаны асанкциа ҿыцқәа алагалахоит ҳәа. Абри аҳәамҭа иадгылеит Британиагьы.