Шәача аҳақьым иус рыӡбоит

Аҳақьым-ахирург ииашамкәа иалихыз ахәшәтәра иахҟьаны ачымазаҩ лыԥсҭазаара далҵит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 10 — Sputnik. Шәачатәи ахәышәтәырҭақәа руак аҳақьым-ахирург ииашамкәа иалихыз ахәшәтәра иахҟьаны ачымазаҩ лыԥсҭазаара далҵит. Уажәы иара иус рыӡбоит ҳәа аанацҳауеит "Кубанские новости".

Адыррақәа рыла абҵара 6 2016 шықәса рзы ахәышәтәырҭа №3 ахь днаган 42-шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс.

Аҳақьым-ахирург данидикыла ашьҭахь аренген лзыҟаҵан. Аҳақьым иара ихаҭа аренген асахьақәа рыла адиагноз лзықәиргылеит: агәаҵәкыра ҳәа. Иара убри аан иара ари аганахь ала дҟазаӡамызт.

Аҳақьым УЗИ аҳақьым дадмыԥхьалакәа арыԥҳаҟынтәи аӡеизакра мҩаԥигеит. Убри ашьҭахь апациентка лыԥсҭазаара далҵит.

Аусҭҵаара еиднакылаз адокуументқәа аӡбарҭахь инанашьҭит.