Ҭырқәтәыла ацҳақәа аӡхыҵра иагеит

Ҭырқәтәыла ақәарҩаш ӷәӷәақәа леиит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 10— Sputnik. Ҭырқәтәылатәи апровинциа Орду иатәу ақалақь Унье ақәоураӷәӷәа иахҟьаны аӡиасқәа ирхыз ацҳақәа ԥшьба агеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ҭырқәтәылатәи апровинциа Орду иатәу ақалақь Унье ақәоураӷәӷәа иахҟьаны аӡиасқәа ирхыз ацҳақәа ԥшьба агеит. Ԥышьҩык ауаа ахәышәтәырҭахь инагоуп, 165-ҩык ааигәа иҟоу афабрикаҟынтә иқәгатәуп. Аиқәырхаратә усурақәа мҩаԥысуеит аверталиотқәа рыцхыраарала", — иҳәеит ақалақь ахада Ахмет Чамиар ателеканал NTV аефир аҿы.

Sputnik Беларусь асаит аҿы ишаҳәо ала ақәоура иахҟьаны ауаа рынхарҭаҭыԥқәа ирхыгоуп.