Адоллар 68 мааҭ рҟынӡа ихалеит

Аналитикцәа ишырҳәо ала адоллар 70 мааҭ рҟынӡа ихалеит, аха лассы америкатәи авалиута аҭыԥ ахь игьыжьып ҳәа агәаанагара ыҟоуп.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 13 — Sputnik. Аҵыхәтәантәи аҩышықәса рыҩныҵҟа адоллар 68 мааҭ рҟынӡа ихалеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Бжьаратәла асааҭ 11:30 мск рзы иара иартәеит 68,2234 мааҭ. Аҵыхәтәаны адоллар ахәԥса асеиԥш ихалахьан 2016 шықәса мшаԥымзазы. Евро ахә акәзаргьы 78 мааҭ рҟынӡа инеиит.

Амааҭ алеира иалагеит ииасыз амчыбжь агәҭаны, Америка Урыстәыла аганахь ала асанкциақәа ҟаҳҵоит ҳәа аҳәамҭа ашьҭахь.

РИА Новости зазҵааз аналитикцәа ргәаанагарала адоллар 70 рҟынӡа ихалараны иҟоуп, аха лассы аҭыԥ ахь игьыжьуеит.