АҞӘА, нанҳәа 13 — Sputnik. Аҳаирплан Horizon Q400 мҵазырсыз аилахәыра Horizon Air аусзуҩ адиспетчерцәеи иареи анеицәажәоз иҳәеит аҳауаҿ аҟазаара инырырц шиҭахыз. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости агазеҭ Seattle Times адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.
Аԥхьа иара алаф иҳәон, аҳаирплан изыртәар ԥырҩыс аусура дшалаго азы, аха нас иҳәеит артәашьа шизымдыруаз.
Аҳаирплан аҳауа иаланаҵы адиспетчерцәеи аҳаиртә ӷба акомандири ицхраара рҽазыршәон, иҳәон аҳаирплан иртәарц.
Ҩеижәижәа шықәса зхыҵуаз Horizon Air амеханик Рик ҭацәыз аҳаирплан Alaska Airlines Сиетл аҳаиртә баӷәазаҟынтә имҵаирсит. 15 минуҭ рышьҭахь аҳаирплан каҳаит. Иара артәара рҽазышәо иаваԥыруан аҳаирпланқәа F-15.
Очевидцы сняли на видео полет угнанного в США лайнера Q400
© AP Photo