Ердоган: ЕАШ ҳабӷа аҳәызба аланаҵоит

ЕАШ ахәашаҽны аҳәамҭа ҟанаҵеит Ҭырқәтәылантәи атәылахь иаларгало алиуминии аџыри рзы абаџь ҩынтәны ишьҭаҳхуеит ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 14 — Sputnik. Ҭырқәтәыла Ахада Таип Ердоган аҳәамҭа ҟаиҵеит Вашингтон Анкара "абӷа аҳәызба аланаҵоит" ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

ЕАШ ахәашаҽны аҳәамҭа ҟанаҵеит Ҭырқәтәылантәи атәылахь иаларгало алиуминии аџыри рзы абаџь ҩынтәны ишьҭаҳхуеит ҳәа.

"Ганкахьала шәара стратегиатә партниорны шәхы шәшьоит, аҽаганкахьала ӷаҵас шәхы мҩаԥыжәгоит. Ҳара уи ҳазҳадкылом" — иҳәеит Ердоган.

Иара иазгәеиҭеит Анкара ЕАШ асанкциақәа рышьҭахь иахәарҭахаша егьырҭ аџьармыкьақәа рыԥшаара ишашьҭало.