Италиа амашәыр ду ҟалеит

Италиатәи ақалақь Генуиа автомабилтә цҳа еилаҳаит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 14 — Sputnik. Италиатәи ақалақь Генуиа автомабилтә цҳа еилаҳаит. Уи иахҟьаны быжьҩык рҟынӡа ауаа ҭахеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Ақалақь амцарцәаратә маҵзура ахаҭаранак Амалиа Тедески лажәақәа рыла ацҳа анеилаҳауаз аамаҭазы иара иқәсуан ҩеижәа рҟынӡа транспорттә хархәага.

Арыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеиит ацхырааҩцәа, аԥшааҩцәа, акинологцәа ркомандақәа. Аусурақәа ирҿуп 40-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра.

"Иҟоуп иҭахаз, аахақәа зауз рацәаҩӡоуп", — иҳәеит ақалақь Ацхыраара ласы аиҳабы Франческо Бермано.

Атәыла Аԥыза-министр Джузеппе Контеи атранспорт аминистр Тонинелли еиныруеит. Адыррақәа аамҭа-аамҭала идырҿыцуеит.