Генуиа ақалақьаҿ аԥсыҭбарақәа зцу арыцҳара ҟалеит

Италиатәи ақалақь Генуиа иахьаҵанакуа ацҳақәа руак ҭабгеит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 14— Sputnik. Италиатәи ақалақь Генуиа иахьаҵанакуа иҟаз ацҳақәа руак ҭабгеит. Уажәтәи аамҭазы иҭахаз рхыԥхьаӡара ҩажәи ҩыџьаҩык рҟынӡа инеихьеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Италиа атранспорт аминистр Едоардо Рикси иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Ари даараӡа ирыцҳара дууп", — иҳәеит иара ателеканал Rainews24 аинтервиу аҭо.

Аграждантә хьчара амилаҭтә маҵзура аиҳабы Анџьело Боррелли ишиҳәаз ала, 10-ҩык рҟынӡа хабарда иӡуп.

Арыцҳара иаҵанакит 35 рҟынӡа автомашьына.