Иԥсҭазаара далҵит ашәҟәыҩҩы Едуард Успенски

Иԥсҭазаара далҵит ашәҟәыҩҩы Едуард Успенски. Иара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы акыр агәамбзиара иман.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 15 — Sputnik. Еицырдыруа ашәҟәыҩҩы Едуард Успенски иԥсҭазаара далҵит нанҳәа 14 рзы, Москва, 81-шықәса дшырҭагылаз ҳәа аарыцҳауеит урыстәылатәи амассатә-информациатә хархәагақәа.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Успенски акьыба чымазара иман. Нанҳәа алагамҭаз Германиантәи дхынҳәит. Уа иара аҽыхәышәтәра даҿын. Иаалырҟьаны иҭагылазаашьа бааԥсхеит. Аҳақьымцәа ахәышәтәырҭахь ишьҭаҵара рыҽшазыршәозгьы иара уи мап ацәикит.

Аҵыхәтәантәи аҩымчыбжь ииарҭа даман.

Успенски – бзиа еицырбоз хәыҷтәы шәҟәыҩҩын, сценаристын, Чебурашка авторс даман. Ахәыҷқәа ирызку ателедырраҭарақәа "Спокойной ночи, малыши!" "АБВГДейка" драԥҵаҩын.