Ҟрым имҩаԥысуа аџьаз афестиваль алахәылацәа рыхьӡ ҳәоуп

XVI жәларбжьаратәи аџьазтә фестиваль Koktebel Jazz Party мҩаԥысуеит Ҟрым. Иара иалахәхоит 20 коллектив, ЕАШ, Британиа, Индиа, Китаи, Ермантәыла уҳәа рҟынтәи.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 15 – Sputnik. XVI жәларбжьаратәи аџьазтә фестиваль Koktebel Jazz Party мҩаԥысуеит Ҟрым. Иара иалахәхоит 20 коллектив, ЕАШ, Британиа, Индиа, Китаи, Ермантәыла уҳәа рҟынтәи. Уажәы, Koktebel Jazz Party – 2018 иалахәу рыхьӡқәа рылаҳәоуп. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

III Жәларбжьаратәи аџьазтә фестиваль Аҟәа иаатуеит

Урыстәыла ахьӡала афестиваль иалахәхоит ансамбль "Каданс", Дмитри Четвергов игәыԥ Chet Men, аби аԥеи Михаили Иакови Окунь, Сергеи Головни напхгара зиҭо биг-бенд.

Афестиваль иара убасгьы иалахәуп – аетно-фиужн-гәыԥқәа Rajeev Raja Combine (Индиа) Sedar Band (Китаи), апианист Ваагн Аирапетиан (Ермантәыла), New York All Stars (ЕАШ) убас егьырҭгьы иҟоуп макьана зыхьӡ ӡыррымгогьы.

XVI жәларбжьаратәи аџьазтә фестиваль Koktebel Jazz Party мҩаԥысуеит Ҟрым. Иара иалахәхоит 20 коллектив, ЕАШ, Британиа, Индиа, Китаи, Ермантәыла уҳәа рҟынтәи. Имҩаԥысуеит нанҳәа 24 — 26 рзы.

Афестиваль Koktebel Jazz Party мҩаԥысуеит амедиагәыԥ "Россия сегодня", ателеканалқәа "Россия 1", "Россия-Культура", "Россия 24", арадио "Маяк", арадио "Культура", "Радио России", арадиостанциа "Вести FM" рыдгыларала.

Афстиваль аиҿкааҩ – амедиагәыԥ "Красный Квадрат".