Апаран Ҟрыми Ҭырқәтәылеи еиднаҳәалоит

Ҟрыми Ҭырқәтәылеи рыбжьара апаран абжьаҵара азыԥхьагәаҭоуп 2018 шықәса рзы, ҭагалан.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 16– Sputnik. Ҟрыми Ҭырқәтәылеи рыбжьара апаран абжьаҵара азыԥхьагәаҭоуп 2018 шықәса рзы, ҭагалан. Апаран цәаҳәа "Ҭырқәтәыла-Ҟрым-Ҭырқәтәыла" аҭышәныртәаларазы аидарақәа рекспедитор иацәажәахьеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Ҟрымтәи амшын баӷәазақәа рдиректор хада Алексеи Волков.

"Апаран цәаҳәа "Ҭырқәтәыла-Ҟрым-Ҭырқәтәыла" аҭышәныртәаларазы аидарақәа рекспедитор иацәажәахьеит. Ахархәара зауа абаӷәазақәа хазы рыӡбахә ҳәахоит", — ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Волков.