Ермантәыла абиуџьет акыр ирласны ихаҭәаауеит

2018 шықәса рзы иазыԥхьагәаҭаз ашәахтә цҵақәа бжьымзытәи аусурала еизгоуп.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 16— Sputnik. Аҵыхәтәантәи шәымш рыла имҩаԥгоу агәаҭарақәа Ермантәыла аҳәынҭбиуџьет 8-9 рыла аԥара еиҳаны иазааргеит. Абри атәы ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит атәыла аиҳабыра реилатәара ашьҭахь атәыла ашәарҭадаратә маҵзура аиҳабы Артур Ванециан, ҳәа аанацҳауеит Sputnik Ермантәыла.

Захарова: Америка арратә биуџьет адура Вашингтон агәҭакқәа аанарԥшуеит

Амилаҭтә шәарҭадаратә маҵзура аусура еснагь аҟазара ацуп. Ихадоу — аиҳабыра рполитикатә лшароуп, уи уажәы акыр еиҭакуп иҳәеит иара.

Аҳәынҭқарратә ныхрақәа реилак ахада Давид Ананиан аҳәамҭа ҟаиҵеит 2018 шықәса рзы ашәахтәқәеи абаџьқәеи 107 миллиард драм (220 миллион доллар) рыла 2017-шықәса аасҭа еиҳаны ралхра азыԥхьагәаҭан.

Ари арбага иахьазы инагӡоуп, ашықәс ҳҭалеижьҭеи бжьымз шракәугьы иҵуа иҳәеит иара.

2018 шықәса рзы иазыԥхьагәаҭаз ашәахтә цҵақәа бжьымзытәи аусурала еизгоуп.