Google аполитикатә информациа иашьклаԥшлоит

Уажәшьҭарнахыс Google аполитикатә информациа иашьклаԥшлоит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 16 — Sputnik. Аилахәыра Google асервис ҷыда аԥнаҵеит. Уи иалнаршоит аполитикатә ӡыргара ашьклаԥшра ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аинформациа мызкахьы знык ирҿыцхоит.

Google Facebook рганахь ала аманипулиациақәа: аԥсуа експертцәа ргәаанагара

Аполитикатә ӡыргара ҳәаақәызҵо ауснагӡатәқәа рыдыркылеит егьырҭ асоциалтә ҳақәагьы: Facebook, Twitter.

Уаанӡа америкатәи амассатә-информациатә хархәагақәа Урыстәыла ахара адырҵахьан ЕАШ апрезидент Дональд Трамп иалхраан асоциалтә ҳақәа рхархәарала адгылара ирҭон ҳәа. Аха убри аан иарбанызаалак уи зыршаҳаҭуаз акгьы рызцәырымгеит. Асоциалтә ҳақәа Facebook, Twitter рхы иадырҵеит абри аус аҿы асенат аилакқәа аус рыцура.

Аамҭақәак рышьҭахь Twitter, Facebook, Google ЕАШ аконгресс аҿы иқәгылеит Урыстәыла алхрақәа ирылахәын ҳәа иҳәоу шҵаҵӷәыдоу.

Урыстәыла акәзар изныкымкәа арҭ аҽыԥныҳәақәа мап рыцәнакхьеит.