Николас Мадуро иԥсҭазаара далызхырц зыгәҭакыз аанкылоуп

Иахьатәи аамҭазы 14-ҩык аанкылоуп. 20-ҩык рҟынӡа агәҩара ззыҟоу макьаназ Еиду аштатқәеи Колумбиеи рҵакырадгьылқәа рҟны рҽыҵәахны иҟоуп.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 16 — Sputnik. Венесуела апрокурор хада Тарек Вильям Сааб апресс-конференциа ҷыдаҿы иҳәеит Николас Мадуро иҭархара иашьҭаз ирылан ҳәа аррамаҵзурауаа ҩыџьа. Абри атәы аанацҳауеит Лента.ру.

Николос Мадуро иԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылан

Нанҳәа 13 рзы аӡбарҭахь инаган аинрал Алехандро Переси аполковник Педро Замбранои.

Николас Мадуро иҭархаразы аҽазышәара мҩаԥган Каракас, нанҳәа 4 рзы.

Мадуро иҟалаз азы ахара рыдиҵоит Колумбиа уаанӡатәи апрезидент Хуан Мануель Сантос, аоппозициа аԥхьагылаҩцәа руаӡәк Хулио Борхес, апарламент адепутат Хуан Рекесенс.