Урыстәылатәи ашьапылампылтә команда ареитинг халеит

Урыстәылатәи еизгоу ашьапылампылтә команда аҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны адунеи ачемпионат аҟны афинал аԥшьбарак ахь инеиит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 16 — Sputnik. Урыстәылатәи еизгоу ашьапылампылтә команда аҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны адунеи ачемпионат аҟны афинал аԥшьбарак ахь инеиит сынтәа. Жәларбжьаратәи ашьапылампыл Афеждерациа (ФИФА) ареитинг аҿы 70-тәи аҭыԥ аҟынтәи 49-тәи ахь ииасит. Ареитинг аверсиа ҿыц кьыԥхьуп аиҿкаара аофициалтә саит аҿы ҳәа аанацҳауеит Р-Спорт.

Ареитинг асиа ҿыц аҟны актәи аҭыԥ аҿы игылоуп амундиаль аиааиҩы – Франциатәи акоманда, аҩбатәи аҭыԥ аҿы игылоуп Бельгиатәи акоманда, ахԥатәи аҿы— Бразилиатәи акоманда.

ФИФА ареитинг уажәшьҭантәи аверсиа кьыԥхьхоит цәыббра 20 рзы.