Захарова: Америка арратә биуџьет адура Вашингтон агәҭакқәа аанарԥшуеит

Дональд Трамп иазиԥхьаӡоит ЕАШ иамоу адунеитә ԥыжәара аиқәырхара реиҳа ихадароу хықәкны. Уи иацхраароуп арратә биуџьет есышықәса аизырҳара ҳәа иазыԥхьаӡоуп.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 16 — Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова аҳәамҭа ҟалҵеит Америка арратә биуџьет Вашингтон агәҭакқәа аанарԥшуеит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Сергеи Лавров Мраҭашәаратәи атәылақәа рполитика ахҳәаа аиҭеит

"Еиду аштатқәа рыпрезидент нанҳәа 13 рзы инапы зҵаиҩыз, 2019 финанстә шықәсазтәи амилаҭтә тәылахьчаратә биуџьет ахышәа-ҵышәа иунарбоит Вашингтон амч ахархәарала адунеиаҿы анырра зуа ҳәынҭқарраны аҟазаара шахықәку," — лҳәеит лара.

Захарова иазгәалҭеит Урыстәыла иалшо зегь шыҟанаҵо ахатә шәарҭадара аиҿкааразы.

Дональд Трамп нанҳәа 13 рзы инапы зҵаиҩыз арратә биуџьет иартәоит 716 миллиард доллар.

2018 шықәса рзы Урыстәыла арратә биуџьет иартәеит 2,8 триллион мааҭ (41,2 миллиард доллар).