YouTube атреилер "The Nun" ԥнакит

Англиатәи арежиссер Корин Харди иҭихыз акинофильм асиужет шьақәгылоуп Ватикантәи анцәаимаҵзуцәеи Румыниатәи аберҭыԥқәа руак иҭоу аберԥҳәыси реиҿагыларала.
Sputnik

 АҞӘА, нанҳәа 17– Sputnik. Атреилер "The Nun" ("Аберԥҳәыс лашәы") YouTube иԥнакит ахәаԥшра уацәшәо иҟоуп ҳәа ишьаны ҳәа аанацҳауеит РИА Новости аресурс NME адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

YouTube аҿы аофициалтә треилер анцәырҵ ашьҭахь мшқәак цахьаны иара ԥкын, аха ахҩылаақәа асоциалтә ҳаҿы еимырдахьан.

YouTube ахаҭарнакцәа иҟарҵаз ахҳәаа аҭо ирҳәоит авидео асервис аполитика еиланагоит, ацәыршәагара злоу аконтент ацәыргара азин ыҟам ҳәа.