АҞӘА, нанҳәа 17— Sputnik. Чили аҳаиртә еилахәырақәа адырра рыҭан аҳаирпланқәа жәеиза абомбақәа рыҵоуп ҳәа. Дара зегьы убри аамҭазы Чили аҳҭнықалақь Сантиаго аҟынтәи ишьҭыԥраауан мамзаргьы итәараны иҟан. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости аҭыԥантәи арадиостанциа BioBio адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.
Чилитәи аполициа аусҭҵаара хадыркхьеит. Уажәазтәи адыррақәа рыла зыӡбахә ҳәаз аҳаирпланқәа реиҳарак рҟны иарбанызаалак рԥжәагак ыҟан иҟамызт. Чилитәи акарабинерцәа аилкаара иаҿуп авиаеилахәырақәа рахь аҭел иасыз зусҭцәоу.
Чили аҳаиртә еилахәырақәа адырра рыҭан аҳаирпланқәа жәеиза абомбақәа рыҵоуп ҳәа. Аҳаирпланқәа ргәаҭара иацҵоуп, аха макьаназ рԥжәага џьаргьы иԥшаам.