АҞӘА, нанҳәа 17 — Sputnik. Италиа аҳаирплан акаҳара иахҟьаны иҭахеит ҩыџьа ауаа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Иҟоу адыррақәа рыла аҳаирплан маҷ анышьҭыԥраауаз афымцатә цәаҳәа аҵыхәа аҿашәеит, амца акит. Иҟоу агәаанаграла апилот илымшеит аԥсҟы аанкылара. Аҳаирплан каҳаит.
Уахь инеиз амцарцәаҩцәеи аҳақьымцәеи ахаҵеи аԥҳәыси рыԥсыбаҩқәа рбеит.
Уажәтәи аамҭазы иҟалаз шыҟалаз ҭырҵаауеит.