Америка асанкциа ҿыцқәа азнархиоит "Северный поток — 2" аганахьала

"Газпром" апартниорцәа, европатәи аилахәырақәа, америкатәи асанкциақәа ирыҵаркыр ҟалоит ҳәа рыҩуеит амассатә информациатә хархәагақәа рҟны.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 20 — Sputnik. Нанҳәа 18 рзы америкатәи агазеҭ Wall Street Journal аԥхьаҩцәа ирзеиҭанаҳәеит Вашингтон "Северный поток — 2" апроект иалахәу рганахьала асанкциақәа аланагалараны ишыҟоу. Абри атәы рыҩуеит РИА Новости.

"Северный поток — 2" амаршрут Даниа иахыкәшоит

Wall Street Journal аинформациала "Северный поток — 2" аргылара иалахәуп "Газмпром"апартниорцәа — Wintershall AG, Royal Dutch Shell PLC, Engie SA, OMVAG, Uniper SE.

"Северный поток-2" — аҵыхәтәантәи аамҭазы европатәи апроектқәа инарылыҳәҳәо иҟоу проектуп. 55 миллиард кубометр агаз шықәсык аҩныҵҟала Урыстәылантәи Европаҟа иианагоит.

Урыстәыла аиҳабыра ражәақа рыла апроект економикатәуп. Аполитикатә ҟазшьа аҭарагьы иашам.