Идырым џьоукы Анкара иҟоу Америкатәи Ацҳаражәҳәарҭа иаеихсит

Идырым џьоукы Америкатәи Ацҳаражәҳәарҭа иаеихсит Анкара ақалақь аҿы. Ҭырқәтәылатәи аполициа аҭыԥ ахь инеины аусҭҵаара хацдыркит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 20 — Sputnik. Идырым џьоукы америкатәи Ацҳаражәҳәарҭа иаеихсит Анкара ақалақь аҿы. Ҭырқәтәылатәи аполициа аҭыԥ ахь инеины аусҭҵаара хацдыркит убри аан аӡәгьы ԥырхага имоуит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ателеканал Haberturk адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Ҭырқәтәыла америкатәи атауарқәа рбаџь ҳаранакит

Ататриук ихьӡ зху абульвар иаваршәны имҩасуаз автомашьына шкәакәа аҟынтәи асааҭ 5:00 рзы Америкатәи Ацҳаражәҳәарҭа иаеихсит. Ахымҩасқәа ақәшәеит адипмиссиа ахьчаҩцәа зыҩназ ахыбра.

Вашингтони Анкареи рҭагылазаашьақәа еибарххахеит америкатәи апастор Ендриу Брансон 2016 шықәса рзы Ҭырқәтәыла данааныркыла ашьҭахь. Уи аҭакс ЕАШ Ҭырқәтәыла аиустициа аминистр Абдулахмит Гиули аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Сулеиман Соилу рганахь ала асанкциақәа аларгалеит.

Уи ашьҭахь Дональд Трамп аҳәамҭа ҟаиҵеит Ҭырқәтәылантәи атәылахь иаларгало алиуминии аџыри рбаџь 20% — 50% рыла иҳараҳкуеит ҳәа.

Анкара уи аҭакс Америка иҭрыжьуа атауарқәа 22 хкы абаџь рықәырҵеит.