Путин: Шьамтәыла аиҭашьақәыргылара хымԥадатәиуп

Урыстәыла ахада Владимир Путини ФРГ аканцлер Ангела Меркельи ажурналистцәа аинтервиу рырҭеит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 20 — Sputnik. Владимир Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит Шьамтәылан зегь раԥхьа ацхыраара рҭахны иҟоуп ахҵәацәа гьыжьыр ахьалшо араионқәа ҳәа. Абри азы адырра ҟанаҵеит РИА Новости.

"Шьамтәылатәи аимак аҿы аҵакы аманы иҟоуп агуманитартә цхыраара. Аиҳаракгьы зегь раԥхьа ацхыраара рҭахны иҟоуп ахҵәацәа гьыжьыр ахьалшо араионқәа", — иҳәеит Путин ажурналистцәа данрыҿцәажәоз.

Иара иазгәеиҭеит ахҵәацәа рыхынҳәра Европа аԥсы анаргон ҳәа.

Иара иажәақәа рыла уи азы иаҭахны иҟоу раԥхьа игылоу ӡыла аиқәыршәара, амедицина аиҭашьақәыргылара реиԥш иҟоу аусхкқәа роуп.

Шьамтәыла анапхгареи аоппозициеи бџьаршьҭыхла реиҿагылара ахы акит 2011 шықәса рзы.