АҞӘА, нанҳәа 21 — Sputnik. Кабуле, Афганистан ахада Ашраф Гани Кәырбан-баирам аныҳәа атәыла ауааԥсыра ианрыдиныҳәалоз аамҭазы аракетатә лахысра мҩаԥган ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Tolo news адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.
АИХ ишырҳәо ала ахысра мҩаԥган асааҭ 9:00 рзы. Аракетатә лахысра хықәкны иаман атәыла апрезидент итәарҭеи аиҳабыратә квартали. Уаҟоуп аҳәаанырцәтәи ацҳаражәҳәарҭақәа реиҳаракгьы ахьыҟоу.
Иҭахази ааха заузи рыӡбахә макьаназ иалацәажәом.
"Иҟоуп афганистан аҿиара иаӷацәоу, аха урҭ уаҵәтәи амш рзаанкылом", — иҳәеит абри ашьҭахь Ашраф Гани.
Афганистан ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа ҩыџьа атеррористцәа рҭархара рылшеит.
Уажәтәи аамҭазы ақәылаҩцәеи аиҳабыратә мчрақәеи рыбжьара аиҿахысра цоит.