АҞӘА, нанҳәа 22 — Sputnik. Венесуела баҩадатәи ахәҭа, аштат Сукре аҿы быжь-баллк инаӡоу адгьылҵысра ҟалеит. Ахыбрақәа шьшьеит, иҟоуп еилаҳазгьы. Иҭахаз рыӡбахә ҳәа ҳәамҭа ҟаҵам. Адгьылҵысра атәыла зегьы амҿханакит. Арахь иаҵанакит аҳҭнықалақьгьы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Асоциалтә ҳақәа рахь иҭаргалеит еиуеиԥшым аҭыԥқәа. Авидеонҵамҭақәа иудырбон аҩнеихагыла дуқәа шызазоз.
Венесуела Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Нестор Луис Ревероль Twitter аҿы ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҭынчра аадырԥшырц.