"ВКонтакте" ахархәаҩцәа рхатә дыррақәа рзархынҳәуеит

"ВКонтакте" ахархәаҩцәа адыррақәа рзархынҳәуеит. Ахархәаҩцәа абри аҩыза алшара рнаҭоит GDPR (General Data Privacy Regulation).
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 22— Sputnik. "ВКонтакте" ахархәаҩцәа абри аҩыза алшара рнаҭоит GDPR (General Data Privacy Regulation)ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Лаҵарамзазы амчра зауз, ахатә дыррақәа рыхьчараз Евроеидгыла арегламент — GDPR (General Data Privacy Regulation) уи аиԥш алшара мҩаԥнагоит.

Ахархәаҩ илшоит идаҟьа адыррақәа, ихьӡала еизго атехникатә информациа, иҩызцәа рсиа, аудиои авидеои нҵамҭақәа, ифотоальбомқәа уҳәа рзы адыррақәа роура.

"Аинформациаз азыҳәа аҟаҵара ауеит ацхырааратә маҵзурахьы адыррала. Ҳара иаҳҭахуп ахархәаҩцәа ирдыруазарц асоциалтә ҳаҿы иаанрыжьуа аинформациа. Хара имгакәа уи аҩыза алшра роуеит Евроеидгыла атәылақәа реиԥш егьырҭ атәылақәагьы руааԥсыра", — ҳәа иҳәоит "ВКонтакте" ахаҭарнак.

Арегламент ҿыц иалнаршоит аинформациа шьаҭанкыла ақәгара, уи адагьы 16 шықәса иреиҵбу аҳа рхы иадырхәаразы рҭаацәа рзин рымазароуп. Аилагарақәа ҟалар, аилахәыра 20 миллион евро аштраф ақәҵахар ҟалоит.