Китаи Вашингтон иақәыӡбоит

Америка абаџьқәа ахьышьҭнахыз Китаи агәҭынчымра цәырнагеит, ВТО ахь Вашингтон иазашшуа аҟынӡа.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 23— Sputnik. Америка китаитәи атауарқәа рзы абаџьқәа 25% рыла иахьышьҭнахыз Китаи агәҭынчымра цәырнагеит, ВТО ахь Вашингтон иазашшуа аҟынӡа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости КЖәР ахәаахәҭра аминистрра адыррақәа шьаҭас иганы.

Америка асанкциақәа рцынхәрас Китаи абаџьқәа аланагалоит

"Ахы иақәиҭны ахәаахәҭрази аинтересқәа рыхьчарази китаитәи аган адунеитә хәаахәҭратә еилазаара ВТО ахь иашшит", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Пекин агәаанагарала, Вашингтон аӡбра ВТО апринципқәа еилазго акакәны иҟоуп.

Еиду аштатқәа иаларгалаз абаџь аҭакс Китаигьы иара убасҵәҟьа америкатәи атауарқәа рганахь ала абаџьқәа аланагалеит.