Қырҭтәыла Урыстәыла иазашшуеит уи "Аԥсны имҩаԥнаго ацәгьоурақәа" рзы

Ақырҭцәа ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭаҿ Урыстәыла иазашшуеит, Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи ақырҭуа милаҭ кыдырцалоит ҳәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 23 – Sputnik. Ақырҭцәа ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭаҿ Урыстәыла иазашшуеит, Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи инхо қырҭтәылауаа кыдырцалоит ҳәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Қырҭтәыла ашшыԥхьыӡ ҵаҵӷәыс иамоуп Урыстәыла Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи атәылауаа кыдырцалоит ҳәа агәаанагара.

Қырҭтәыла анапхгара адҵа ҟарҵоит ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аконвенциа еилазго Урыстәыла иахәҭоу иақәыршәатәуп ҳәа.

"Қырҭтәыла Страсбургтәи аӡбарҭахь инанашьҭит ашшыԥхьыӡ шьақәзырӷәӷәо аршаҳаҭгақәа, зҵаарангьы иқәнаргылеит Урыстәыла аҭакԥхықәра ишаҵагыло", — ҳәа аҳәоит Қырҭтәыла аиустициа аминистрра адокумент.

Уаанӡа Қырҭтәыла Урыстәыла иазашшхьан нанҳәамзатәи ахҭысқәа инарыдҳәаланы.