Прибалтикатәи атәылақәа Урыстәыла "асовет оккупациазы" ауал адыршәар рҭахуп

Прибалтикатәи аҳәынҭқаррақәа— Естониа, Латвиа, Литва — иазырыԥхьаӡоит СССР 1940 - 1991 шықәсқәа рзы аоккупациа рызун ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 23— Sputnik. Естониеи Латвиеи риустициа аминистрцәа Урмас Реинсалуи Дзинтарс Разначси аҳәамҭа ҟарҵеит ртәылақәа ишрыгәҭаку Урыстәыла "асовет оккупациазы" ауалԥса аршәара. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Урыстәыла прибалтикатәи атәылақәа рыдҵа аҭак ҟанаҵеит

Иҟаҵоу аицҳәамҭаҿ иазгәаҭоуп Естониеи Латвиеи аҵак ду аманы ишахәаԥшуа аҭоурых ҭынха, аусеицура, ашәарҭадара аиҿкаара, азинтә ҳәынҭқарра апринципқәеи адемократиеи.

Урыстәыла Афедерациа Ахеилак аҿы Естониеи Латвиеи раԥшьгара аҭакс ирҳәеит арҭ атәылақәа азиншьаҭа шрымам акомпенсациа аиуразы.

"СССР аахыбгалазар ак ҳацрырҟьар рҭахуп. Уи азакәан шьаҭа аманы иҟам. Избанзар аоккупациагьы ыҟамызт", — иҳәеит адепутат Олег Морозов.

Асенатор иазгәеиҭеит Естониеи Латвиеи СССР еиҳа аӷьацара змаз регионны ишыҟаз, ауаа рыԥсҭазаара ахаҭабзиара ду аманы ишшьаз.

Прибалтиатәи ареспублика рымчрақәа изныкымкәа ари азҵаара цәырыргахьеит. 2015 шықәсазы Латвиа, Литва, Естониа риустициа аминистрцәа рнапы аҵарҩит абри аганахь ала амеморандум.