Урыстәыла прибалтикатәи атәылақәа рыдҵа аҭак ҟанаҵеит

Прибалтикатәи аҳәынҭқаррақәа— Естониа, Латвиа, Литва —иазырыԥхьаӡоит СССР 1940 - 1991 шықәсқәа рзы аоккупациа рызун ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 23 — Sputnik. Естониеи Латвиеи риустициа аминистрцәа Урмас Реинсалуи Дзинтарс Разначси аҳәамҭа ҟарҵеит ртәылақәа ишрыгәҭаку Урыстәыла "асовет оккупациазы" ауалԥса аршәара. Урыстәыла акәзар уи аҭакс аҳәамҭа ҟанаҵеит ари аус алацәажәара агәы ишҭам азы. абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Прибалтикатәи атәылақәа Урыстәыла "асовет оккупациазы" ауал адыршәар рҭахуп

"Атермин "асовет оккупациа" ҳара зынӡаскгьы ҳақәшаҳаҭӡам. Уи адагьы ари азҵаара алацәажәарагьы ҳагәҭакӡам", — иҳәеит Песков.

Иара иазгәеиҭеит Асовет еидгыла арҭ ареспубликақәа рыҿиаразы иҟанаҵаз рхадмыршҭларц.

Прибалтиатәи ареспублика рымчрақәа изныкымкәа ари азҵаара цәырыргахьеит. 2015 шықәса рзы Латвиа, Литва, Естониа риустициа аминистрцәа рнапы аҵарҩит абри аганахь ала амеморандум.