Зхаҭара шьақәыргылам ауаҩы Париж ауаа дрыжәлеит

Париж иҟалаз ахҭыс ахахьы иагеит ирадикалтәу атеррористтә гәыԥ "Исламское государство" (ИГ).
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 23— Sputnik. Париж амҵаҿтәи акоммуна Трапп аҿы идырым хаҵак аҳәызба кны ауаа дрыжәлеит. Ҩыџьа ауаа ҭахеит, аӡәы ахәра ӷәӷәа иоуит ҳәа аанацҳауеит адепартамент Ивелин аполициа апрофектура. Абри атәы аҳәоит РИА Новости.

Арадиостанциа France Info аинформациала ацәгьауаҩы Франциа ашәарҭара ҵызшәаауа ауаа рсиа (Fiché S) дахыԥхьаӡалан.

Аполициа ацәгьауаҩы иқәгара рылшеит.

Франциа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Жерар Коллон иҭахаз рҭаацәа дрыдышшылеит, иазгәеиҭеит азинхьчаратә органқәа рнапынҵақәа ласрыла ишымҩаԥыргаз.

Париж иҟалаз ахҭыс ахахьы иагеит ирадикалтәу атеррористтә гәыԥ "Исламское государство" (ИГ) ҳәа аанацҳаит амаҵзура Реитер.