Instagram аккаунтқәа рверификациа мҩаԥнагоит

Асоциалтә ҳа Instagram анапхгара ахархәаҩцәа ршәарҭадара иеиҳанатәуеит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 29— Sputnik. Instagram ахархәаҩцәа раккаунтқәа рверификациа мҩаԥнагоит ахархәаҩ ихаҭара шьақәзыргыло адокумент ашьаҭала ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Асервис аофициалтә ҳәамҭаҿы иазгәаҭоуп аккаунт асервис аԥҟаррақәеи анормақәеи ирықәшәароуп ҳәа. Ахархәаҩ иакәзар ихаҭара шьақәзыргыло адокумент ахкьыԥхьаа аирбароуп.

Иара убасгьы иалшоит Instagram аҿы ирылаҵәоу аккаунтқәа рзы аинформациа аиура. Уи ала еилкаахоит дара рыҟазаареи рыҟамзаареи, иахьаԥҵо атәыла, ахархәаҩ ихьӡ аԥсахра, аӡыргаратә лаҳәарақәа.