Путин: аҳәса тәанчара рцара ашықәс иагырхатәуп

Аҳәынҭқарратә дума ԥхынгәы 19 рзы атәанчаратә закәанԥҵара аԥсахрақәа ралагалара аднакылеит. Апроект иазыԥхьагәанаҭон ахацәеи аҳәсеи 65, 63 шықәсеи анырхыҵлак атәанчара рцара.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 29 — Sputnik. Урыстәыла Ахада Владимир Путин атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит атәанчаратә закәанԥҵара аԥсахрақәа ирылацәажәарц, ажәалагалақәа ҟарҵарц. Иара иҳәеит аҳәса рзы ишышьақәыргылатәуп 60 шықәса 63 ацынхәрас.

"Апроект ишаҳәо инақәыршәаны аҳәса иахьатәи ртәанчаратә шықәса 8 шықәса ацҵаны 63 рҟынӡа ихагалатәуп. Ахацәа рзы уи хәышықәса рыла иҳараркит. Асеиԥш иашам. Аҳәса рзы еиҳа изыҳарактәузеи ахацәа рзы аасҭа? Сара иазысыԥхьаӡоит атәанчаратә шықәс 8 рҟынтәи 5 рахь илбаагазарц", — иҳәеит Путин.

Уаанӡагьы иара ари азҵаара далацәажәахьан. Иазгәеиҭахьан ирыдгалоу авариантқәа акгьы шигәамԥхо. Аха аекономикатә хәшьара аҩсра уадаҩуп, аиҭакрақәа хымԥадатәиуп ҳәа ишьоит иара.