Урыстәылатәи аруаа изаамҭанытәиу аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит

Урыстәылатәи аруаа изаамҭанытәиу аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит. Есыҽны аҽазыҟаҵарақәа рыҽрыладырхәуеит фнызқьҩык рҟынӡа аруаа, арратә техника зқьи бжаки ак рҟынӡа алахәуп.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 29– Sputnik. Урыстәылатәи аруаа изаамҭанытәиу аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит. Аррамаҵзурауаа иаалырҟьаны иргылан. Есыҽны аҽазыҟаҵарақәа рыҽрыладырхәуеит фнызқьҩык рҟынӡа аруаа, арратә техника зқьи бжаки ак рҟынӡа алахәуп иҳәеит арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафьев.

"Аррамҵзурауаа абџьар, абронежилетқәа, акаскақәа рыҭан. Нас урҭ машьынала иахьарбаз араионқәа рахь инаган", — иҳәоит иара.

Аррамаҵзурауаа ашьхара иахьаԥну аҭыԥқәа рҿы еиԥш агаҿгьы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит, еиуеиԥшым архәҭақәа реиныршьа гәарҭоит.

Ахысрақәа рзы ахархәара роуеит акәылӡытранспортерқәа БТР-82АМ, атанкқәа Т-72Б3.

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит нанҳәа 20 инаркны цәыббра 15 рҟынӡа. Есыҽны аҽазыҟаҵарақәа рыҽрыладырхәуеит фнызқьҩык рҟынӡа аруаа, арратә техника зқьи бжаки ак рҟынӡа алахәуп.

Ротные тактические группы российской военной базы ЮВО в Абхазии