Аахыҵ Уаԥстәыла атәылауаа Урыстәыла ҿҳәарада рыҟазааразы аԥкаанҵа рыдкылоуп

Урыстәыла Аминистрцәа реилазаара зықәшаҳаҭххаз аԥкаанҵа апроект анапаҵаҩраз изынашьҭуп Урыстәыла Ахада Владимир Путин.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 30 — Sputnik. Аԥкаанҵа инақәыршәаны Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылеи рҳәынҭқаррақәа ртәылауаа дара рҿы рыҟазаара аҿҳәара аԥыххоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа зықәшаҳаҭу, Аахыҵ Уаԥстәыла аус зыднаулаз, Урыстәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иазнархиаз апроект ибзиоуп ҳәа ахҳәаазааит", — ҳәа аҳәоит азинтә информациа аофициалтә интернет-портал аҿы.

Аԥкаанҵа инақәыршәаны Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылеи рҳәынҭқаррақәа ртәылауаа дара рҿы рыҟазаара аҿҳәара аԥыххоит.