"Аллигаторқәа" рыла "шахид-мобилқәа" ирыжәлеит арра-ҽазыҟаҵарақәа раан

Аԥсны аротатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит нанҳәа 20 инаркны цәыббра 15 рҟынӡа.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 30 — Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ арратә база аррамаҵзурауаа ррота-тактикатә гәыԥқәа рнапхгаҩцәа аус адырулеит "шахид-мобилқәа" авертолетқәа Ка-52 "Аллигатор" ала рышьаҽра ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, аокруг апресс-маӡаныҟәгаҩ Вадим Астафьев иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Урыстәыла аладатәи арратә Округ аԥшыхәратә зыҟаҵарақәа мҩаҧнагеит

Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ арратә база аррамаҵзурауаа рыԥшыхәратә хәҭа иҷыдоу аҽазыҟаҵарақәа раан имҩаԥыргон ашьхара зҽызҵәахыз "аӷа" идиверсиатә гәыԥқәа рықәхра.

Ашьхара иаԥну аполигон "Ҵабал" аҿы акомандаҟаҵаҩцәа рыӡбрала аверталиотқәа "аӷа" амина зҵеиҵаз амашьынақәа ("шахид-мобил") ԥыржәон.

Абри аан ахархәара аман аԥшыхәреи аимадареи ркомплекс "Стрелец-ВР".

Есыҽны аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын зықьҩык инареиҳаны аруааи 300 рҟынӡа арратә техникеи.