ЕАШ Адунеизегьтәи ахәаахәҭратә еиҿкаараҿы Урыстәыла иазашшит

Нанҳәа 5 инаркны Урыстәыла асанкциа ҿҿыцқәа аланагалеит америкатәи атауарқәак рганахь ала. Уи уаанӡа ЕАШ алиуминии аџыри ирықәырҵаз абаџь иаҭакуп.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 30— Sputnik. ЕАШ Адунеизегьтәи ахәаахәҭратә еиҿкаара (ВТО) ахь ашшыԥхьыӡ нанашьҭит америкатәи атауарқәа римпорт абаџь ахьрықәырҵо инадҳәаланы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

ЕАШ ишаҳәо ала Урыстәыла егьырҭ ВТО атәыла-лахәылацәа рганахь ала иара убарҭ атауарқәа абаџь шрықәнамҵаз.

Нанҳәа 5 инаркны Урыстәыла асанкциа ҿҿыцқәа аланагалеит америкатәи атауарқәак рганахь ала. Уи уаанӡа ЕАШ алиуминии аџыри ирықәырҵаз абаџь иаҭакуп.

Абаџь ахышәа-ҵышәа иартәоит 25% инаркны 40% рҟынӡа.