Урыстәыла аракета ҿыц аԥышәара мҩаԥнагеит

Урыстәыла аракета ҿыц аԥышәара мҩаԥнагеит Ҟазахстантәи аполигон Сары-Шаган аҿы.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 30 — Sputnik. Урыстәылатәи арратә мчрақәа аракета ҿыц аԥышәара мҩаԥыргеит Ҟазахстантәи аполигон Сары-Шаган аҿы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Аракетаҿагыларатә система ПРО имҩаԥгаз аԥышәарақәа рышьҭахь ишьақәнарӷәӷәеит иадыԥхьаӡалаз аҟазшьақәа, аҿаԥхьа иқәгылаз адҵақәагьы нанагӡеит", — ҳәа иҳәоит адырраҭараҿы ВКС аҳауаҿагылареи аракетаҿагылареи реидҵа анапхгаҩ ихаҭыԥуаҩ, аполковник Андреи Приходько.

ВКС арбџьарқәа рҿы аракетаҿагыларатә система ахархәара амоуп иара иахықәкуп аҳауа-космостә жәылара аԥырҟәҟәаара иара убасгьы акосмостә ҵакыра ахылаԥшра аҭара.