Абнацыгәқәа амедицинатә гәаҭара иахрыжьит

2018 шықәса рыҩныҵҟа Кавказ абнацыгәқәа рыжәла аиҭашьақәыргылара Ацентр хаҭәааит хә-ԥстәык рыла.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 31– Sputnik. Кавказ абнацыгәқәа рыжәла аиҭашьақәыргылара Ацентр хаҭәааит хә-ԥстәык рыла. Уажәы Ацентр аҿы алаҵа рзыҟарҵеит рашәарамзазы ииз абнацгәы хәыҷқәа ҳәа аанацҳауеит "Кубанские новости".

Москватәи азанааҭуаа ацыгә хәыҷқәа ргәабзиара аҭагылазаашьа ҭырҵааит. Абнацыгәқәа Черрии Андреи ҩ-цгәабаки ҩ-цгәаԥски рхылҵит.

"Амедицинатә гәаҭара ишьақәнаргылеит чымазара ҳәа акгьы шрымам", — ҳәа аҩуеит "Кубанские новости".

Агәаҭарақәа мҩаԥыргон Москватәи азоопарк аветеринар хада Михаил Альшинецки инапхгарала.

Иара убасгьы рашәарамзазы амилаҭтә парк "Алания" аҿы иоурышьҭит Шәачантәи инаргаз ацгәаԥс Волнеи ацгәаба Ельбруси.