Качиньски иҳаирплан аҿы аԥжәара ыҟамызт

Смоленск амҵан аҭыԥ змаз арыцҳара аҭҵааразы Польшатәи аусҭҵааҩцәа Урыстәылаҟа раара аламҭалазы Урыстәыла Аусҭҵааратә еилакы аҟны ари аусҭҵаара ацашьа ахҳәаа азыҟарҵеит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 31 — Sputnik. Урыстәыла аҳаирплан акаҳара амзыз аганахь ала зҵаара цәырҵуам. Варшава аверсиа – аҳаирплан аҟны аԥжәара аҭыԥ аман ҳәа иҟоу шьақәырӷәӷәамхеит ҳәа РИА Новости иаанацҳауеит, АЕ аофициалтә хаҭарнак Светлана Петренко лажәақәа еиҭаҳәо.

Польша алахьеиқәҵаратә митингқәа мҩаԥысит

"Арыцҳара еиуеиԥшым афакторқәа ирыхҟьеит: акомандир аҽа аеродромк ахь имтәара, аметеорологиатә ҭагылазаашьа, аекипаж агхақәа уҳәа уб. егь.", — лҳәоит Петренко.

Петренко иара убасгьы илҳәеит: аусбарҭа еиуеиԥшым авариантқәа шыҭнаҵааз, Польша аҭыԥ аман ҳәа ззырҳәо аԥжәара авариант акәзар, раԥхьа иргылангьы иароуп иҭырҵааз, аха уи ҵаҵӷәык аман иҟамлеит ҳәа. Аҳәынҭқаррабжьаратә авиациатә еилакы алкаақәагьы уи иақәшаҳаҭуп.

"Убри азы аҳаирплан ахәҭақәа еиҭах рыҭҵаара Польшатәи аган аҭаххаралоуп ишымҩаԥгахо. Ҳара уи мап ацәаҳкуам, аусеицура ҳазыхиоуп", — лҳәеит лара.

Польшатәи азанааҭуаа жәеизантә иааны аҳаирплан еиԥш иахькаҳаз аҭыԥгьы ҭырҵаахьеит.

Цәыббра 3 — 7 рзы еиҭахгьы иаараны иҟоуп аҟазауаа аҽазныкгьы ахәҭақәа рыҭҵааразы.

Польша Ахада Лех Качиньски иҳаирплан Ту-154 2010 шықәса рзы Смоленск амҵан икаҳаит. Иҭахеит 96-ҩык аҳаирплан иҭаз ауаа.