Трамп ВТО алҵра игәҭакуп, уа аиҭакрақәа ҟамлар

ААЕ (ВТО) Америка аганахь ала ахымҩаԥгашьа ҽеим, ҳара уи аиҿкаара ҳалҵуеит аиҭакрақәа ҟамлар иҳәеит ЕАШ Ахада Дональд Трамп.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 31 — Sputnik. Адунеизегьтәи ахәаахәҭратә еиҿкаара (ВТО) Америка аганахь ала ахымҩаԥгашьа ҽеим, ҳара уи аиҿкаара ҳалҵуеит, аиҭакрақәа ҟамлар иҳәеит ЕАШ ахада Дональд Трамп амаҵзура Блумберг аинтервиу аҭауа.

ЕАШ Адунеизегьтәи ахәаахәҭратә еиҿкаараҿы Урыстәыла иазашшит

Иара иажәақәа рыла аиҿкаареи аштатқәеи реизыҟазаашьа ԥсахтәуп.

ЕАШ аиҿкаара алҵра егьырҭ атәыла-лахәылақәа русура армарион, аха аекономика аганахь ала адунеитә џьармыкьаҿы аилаҩеиласра цәырнагоит иҳәеит РИА Новости аинтервиу азҭоз Урыстәыла Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада ихаҭыԥуаҩ Владимир Падалко.

"Иахьазы Америка ахымҩаԥгашьала иара аиҿкаара иалҵыр, аиҿкаараз уи ԥсыршьагахон, избанзар аштатқәа иарбанызаалак ԥҟаррак иқәныҟәом. Ишырҭаху рхы мҩаԥыргоит", — иҳәеит иара.