Урыстәыла Аҳәынҭқарратә дума адепутат Украина аҽазыҟаҵарақәа дрыхцәажәоит

Урыстәыла Аҳәынҭқарратә дума адепутат игәаанагарала Украина Амшын еиқәаҿ имҩаԥнаго аҽазыҟаҵарақәа НАТО алаларазы "алахәылатә билеҭ" аҳәароуп ҵакыс ирымоу.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 31 – Sputnik. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә думаҿ ахҳәаа азыруит Киев имҩаԥнаго аҽазыҟаҵарақәа. Амшын еиқәаҿ арра-мшынтә мчрақәа имҩаԥыргеит аҽазыҟаҵарақәа "Шторм-2018" аҳәаа иҭагӡаны ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Трамп ВТО алҵра игәҭакуп, уа аиҭакрақәа ҟамлар

"Украина арра-мшынтә мчрақәа рҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан урыстәыла "аракетатә хҩара" рыманы. Уи, украинатәи адмиралцәа провокациак рҭахханы иҟаларгьы, иаԥхьнарҟәҟәаауеит. Иашала иуҳәозар, Украина Амшын еиқәаҿ имҩаԥнаго аҽазыҟаҵарақәа НАТО алаларазы "алахәылатә билеҭ" аҳәароуп ҵакыс ирымоу", — иҳәеит адепутат Руслан Бальбек.

Аполитик иазгәеиҭеит Киев аҽазышәара шыҟанаҵо, Украина узықәгәыӷша афлот амоушәа  Вашингтон ианарбаразы.

"Аха НАТО — аҽраԥшра хазҵо еиҿкаарам. Алаларагьы ус еиԥш имариам", — иҳәеит иара аҭагылазаашьа далацәажәо.