Америкатәи атомтә ӡаҵаҟатәи аӷба Гиблартар иҭалеит

Еиду аштатқәа ртәылахьчара аминистрра ишьақәнарӷәӷәом арегион аҿы ар ргәыԥ аҽеизнагоит ҳәа, аха иара убри аан иазгәанаҭоит иахәҭоу адҵа ҟалар ишыхио ала.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 1 — Sputnik. Америкатәи атомтә аӡаҵаҟатә ӷба "Ньюпорт-Ньюс" ("Лос-Анджелес") "Томагавк" аракетақәа ақәыргыланы Гибралтар амшынтә баӷәазаҿ игәаҭан ҳәа аанацҳауеит РИА Новости аҭыԥантәи аҭыжьымҭа Gibraltar Chronicle адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Асубмарина абаӷәаза иҭалеит аԥшьаша ахәылбыҽха. Испаниатәи аҳазалхыҩцәа аӷбахь рнеита Гибралтар аполициа иаԥдырҟәҟәеит.

Пентагон аӷба Гибралтарҟа анеира мап ацәнамкит, аха уи "техникатә визитуп" ҳәа ахнаҳәааит.

Уаанӡа Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак Игор Конашенков иазгәеиҭеит аԥшыхәцәа иҟарҵо адыррақәа рыла атеррористтә гәыԥ "Хайат Тахрир Аш-Шам"* апровокациа амҩаԥгара агәҭакуп, дамаск ахимиатә бџьар ахы ианархәоит ҳәа аҽыԥныҳәа аҭаразы ҳәа.

"Мраҭашәаратәи акоалициа уи ахархәара аҭахуп. Убри иадҳәалоуп Персиатәи аӡыбжьахалахь мышқәак раԥхьа изнеиз аесминец The Sullivans ("Салливанс"), иара убасгьы аҳаиртә баӷәаза Ель-Удеид (Катар) аҿы абомбакажьга В-1В зтәаз" ҳәа иҳәоит Конашенков.