Донецктәи жәлар рреспублика Ахада дҭахеит

Донецктәи жәлар рреспублика Ахада Александр Захарченко дҭахеит, ДЖәР ахашәалақәеи ашәахтәқәеи рминистр Александр Тимофеев ахәрақәа иоуит иҟалаз аԥжәара аан.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 1 — Sputnik. Донецктәи жәлар рреспублика Ахада Александр Захарченко дҭахеит, ДЖәР ахашәалақәеи ашәахтәқәеи рминистр Александр Тимофеев ахәрақәа иоуит аресторан "Сепар" аҟны иҟалаз аԥжәара аан. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Донецктәи жәлар рреспублика Ахада Александр Захарченко дҭахеит, ДЖәР ахашәалақәеи ашәахтәқәеи рминистр Александр Тимофеев ахәрақәа иоуит аресторан "Сепар" аҟны", — ҳәа аҳәоит аацҳамҭа.

Аҭыԥ аҿы аус руеит аоперативтә гәыԥқәа.