Египет ажәытә еиланхарҭа рыԥшааит

Египет-франциатәи археологиатә миссиа неолит аепоха иатәу ажәытә еиланхарҭа аанарԥшит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 3 — Sputnik. Египт апровинциа Дакахлиа араион Телль ель-Самара аҟны Египет-франциатәи археологиатә миссиа неолит аепоха иатәу ажәытә еиланхарҭа аанарԥшит. Аиланхарҭа ԥшьба-хәба нызқь шықәса ахыҵуеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Археологцәа ирбеит ажәытә ҵәахырҭақәа, аргылара хыжәжәарақәа, еиуеиԥшым артефактқәа.

"Иҟаҵоу аԥшаара аҵак ду амоуп, избанзар ари аҭыԥ иахьаҵанакуаз уаанӡа анеолит аамҭа иаҵанакуа ҳәа акгьы рымԥыхьамшәацызт уажәраанӡа" ҳәа азгәеиҭеит ажәытә египеттәи абаҟақәа рсектор ахада Аиман Ашмави.

Аексперт иазгәеиҭеит ирбаз артефактқәа ҳера ҟалаанӡатәи ауаажәларра рыԥсҭазаара аҭҵааразы ишхәарҭо. Ари аамҭа иаҵанакуеит афараонцәа рдинастиақәа руак аепоха.

Археологцәа ирыгәҭакуп аԥшаахқәа рыҭҵаара, анеолит аамҭаз адгьылқәаарыхреи аԥстәааӡареи шымҩаԥысуаз.