Евроеидгыла атәылақәа асанкциақәа ирыцырҵарц рыӡбеит

Хәажәкырамзазы Евроеидгыла Урыстәыла аганахь ала иаднакылаз асанкциақәа рыҿҳәара нҵәоит цәыббра 15 рзы.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 4 — Sputnik. Евроеидгыла атәылақәа асанкциақәа ирыцырҵарц рыӡбеит. Хәажәкырамзазы Евроеидгыла Урыстәыла аганахь ала иаднакылаз асанкциақәа рыҿҳәара нҵәоит цәыббра 15 рзы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Медведев: асанкциақәа рҭак ҟаҵахоит

Ахашаҽны абри азҵаара иалацәажәараны иҟоуп Евроеидгыла ахаҭарнакцәа, аилак Coreper аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аҵыхәтәантәи ажәа аҳәараны иҟоуп Евроеидгыла Ахеилак.

Ашәахьаҽны, Евроеидгыла "Украина асуверенитет аҵшәааразы" иаланагалаз асанкциақәа рыҭҵаара нап анаркит.

2014 шықәса хәажәкырамзазы Евроеидгыла Украина аҵакырадгьылтә акзаара ҵыршәаауеит ҳәа иашьаз ахаҿқәа рганахь ала асанкциа ҷыдақәа аднакылеит. Уиижьҭеи дара ес-шықәсыбжа иацырҵон.

Асанкциатә сиа акәзар еиҳа-еиҳа аҽарҭбаауан. Иахьазы уи асиа иануп 155-ҩык ахаҿқәеи 44 еиҿкаареи.