Индиа ақәоурақәа ирыхҟьаны аӡы рыҵалеит

Индиа, рашәарамзаахыс амуссонтә қәаршыҩқәа алеира иаҿуп. Аофициалтә стстистика адыррақәа рыла абри ашықәс иалагӡаны зықьҩыла ауаа аахақәа роухьеит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 4 — Sputnik. Аштат Нагаленд, 530 рҟынӡа қыҭа рҟны инхо 50 нызқьҩык ауаа мызкы инеиҳаны илеиуаз ақәаршыҩқәа ирыхҟьаны адунеи иаҟәыгахеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ателеканал NDTV адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Индиа, рашәарамза 26 аахыс амуссонтә қәаршыҩқәа алеира иаҿуп. Аофициалтә стстистика адыррақәа рыла абри ашықәс иалагӡаны зықьҩыла ауаа аахақәа роухьеит, 12-ҩык иреиҵамкәа иҭахахьеит. Аиҳарак аԥхасҭа ҟалеит ашьхара иаԥну аҭыԥқәа рҿы. Уа анхарҭақәа аӡы рыҵалеит, иҟоуп зынӡа аӡаҵахь иагазгьы.

Нагаленд аиҳабыра Афедералтә мчрақәа рахь аҳәара ҟарҵеит ацхыраараз 8 миллиард рупи (114 миллион доллар) рзоурыжьырц. Иара убри аамҭазы арыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥқәа рахь авиациа афатә-ажәтә наргоит.