АҞӘА, цәыббра 4 — Sputnik. Токио адипломатиатә каналқәа рыла Москва апротест азынанашьҭит Алдатәи Курилқәа рҟны Урыстәыла имҩаԥнагараны иҟоу Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра анҵәара иазку ауснагӡатәқәа рзы. Иапониа, Аладатәи Курилқәа иара иаҵакыраны ирыхәаԥшуеит азы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Иапониа аиҳабыра рмаӡаныҟәгаҩ хада Есихиде Суга абри аганахь ала аҳәамҭа ҟаиҵеит.
"Москвеи Токиои рпозициақәа еиқәшәом", ҳәа азгәеиҭеит Есихиде Суга.
Адгьылбжьахақәа ԥшьба рырхынҳәра ашьҭахь аҭынчратә еиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩхоит ҳәа Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь дҵаны иқәнаргылеит Иапониа. Иахьа уажәраанӡагьы аиқәшаҳаҭра напы аҵаҩым.
1956 шықәса рзы СССРи Иапониеи рнапы аҵарҩит аицдекларациа. Москва ақәшаҳаҭхеит Хабомаии Шикотанеи аҭынчратә еиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ашьҭахь Иапониахь риасра. Кунашири Итурупи рызҵаара зынӡа иалацәажәамызт. СССР азҵаара ӡбоуп ҳәа аԥхьаӡеит, Иапониа акәзар, апроблема ахәҭакахь ала иӡбоуп ҳәа иашьоит.